Тҟәарчалтәи акомедиатә театр сынтәа 70 шықәса ахыҵуеит

Sputnik
70 шықәса раԥхьа 1955 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҿы иаԥҵахеит аҿар ртеатр, шықәсқәак рнаҩсан уи иаиуит жәлар ртеатр ҳәа ахьыӡ. Ус-ус ишнеиуаз 92 шықәсазы аҳәынҭқарратә статус аҟынӡа инаӡеит. Иахьа Тҟәарчалтәи акомедиатә театр Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху иаԥсҭазаашьоузеи, иарбан ҭоурыхтә мҩоу изнысыз, ҳаамҭазы изынгылоу еилаҳкаауеит.
Шәазыӡырҩы аиҿцәәажәара.