Урыстәыла

Китаи урыстәылауаа рзы шықәсык ҳәа визадатәи арежим аланагалоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik. Китаи урыстәылауаа рзы шықәсык ҳәа визадатәи арежим аланагалоит.
2025 шықәса цәыббра 15 инаркны 2026 шықәса цәыббра 14 рҟынӡа урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа змоу Китаи рыҟазаара 30 мшы иреиҳамзар — атуристтәи аусуратәи ныҟәарақәа, рыуацәа рҭаара, мамзаргьы аиҭныԥсахларақәа рылахәхаразы авиза рҭаххаӡом, абас адырра ҟанаҵеит КЖәР АдәАР.