Аԥсуа телерадиоеилахəыра ажурналист Шьазина Ханагәуаԥҳа Даӷьсҭан имҩаԥысыз ателерадиодырраҭарақәа рфестиваль аҟны аҳамҭа ҷыда ланашьоуп. Уажәшьҭа хынтәуп аԥсуа журналистцәа Махачкала ақалақь аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи амилаҭтә телерадиодырраҭаратә фестиваль "Евразиа абжьы-2025" иалахәуижьҭеи. Ари ҳжурналистцәа рзы аинтерс зҵоу ԥышәоуп, хҭыс бзиоуп русура ахә аныршьо, ианалыркаауа. Убас иалкааз Шьазина Ханагәуаԥха астудиахь ааԥхьара лаҳҭеит.
Аицәажәаа шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.