Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа украинатәи адронқәа 105 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 105 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
25 — Ростовтәи аобласт аҿы,
24 — Бриансктәи,
20 — Краснодартәи атәылаҿацә,
15 — Амшын еиқәа инахықәкны,
10 — Калугатәи аобласт аҿы,
8 — Ҟрым,
2 — Азовтәи амшын инахықәкны, 
1 — Смоленсктәи аобласт аҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.