АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Донбасс Абнатә дивизиа адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба, "Абхаз" ҳәа хьыӡшьарас измоу, адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ Алиас Аҩӡба, "Горец" ҳәа хьыӡшьарас измоу, Агәымшәара аорден ранашьан.
Алиас Аҩӡба
© Foto
Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Аҳамҭа дуқәа аибашьцәа иранеишьеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.