Урыстәыла

Путин Александр Невски иорден ланеишьеит Елена Чепурных

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Путин Александр Невски иорден ланеишьеит жәларбжьаратәи амедиа-гәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада лхаҭыԥуаҩ Елена Чепурных.
"Аинформациатә массатә хархәагақәа рыҿиараҿы ллагала дуи шықәсырацәала ламысцқьала лусуреи рзы", ​​- ҳәа аҳәоит аусшәҟәы аҿы.
Елена Чепурных – асоветтәии урыстәылатәии аполитикатә усзуҩы, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума актәи ааԥхьара адепутат (1993-1995). 2017 шықәса инаркны жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" аредактор хада лхаҭыԥуаҩс дыҟоуп.
Урыстәыла
Апатриарх Кирилл Маргарита Симониан аҳкәажә Ольга лорден III аҩаӡара ланеишьеит