«Иаку асоциалтә шәахтә азы» азакәан апроект аиӷьтәразы аусуратә гәыԥ актәи аилатәара мҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа ихантәаҩрала. Аилатәараҿы азакәан апроект аганахьала ажәалагалақәеи азгәаҭарақәеи ҟаҵан. Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны, аусуратә гәыԥ абҵарамза 3, 2025 шықәсанӡа иаку асоциалтә шәахтә азы азакәан апроект аиӷьтәразы ажәалагалақәа ҟанаҵароуп.
Иарбан ԥсахрақәоу апроект иалагалатәу, ашәахтә ахаҭа ҳалацәажәозар ҷыдарақәас иамоузеи, иҟоу ахкқәа излареиӷьиу, насгьы ацәажәарақәа захылҿиаазеи, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik аефир аҿы ҳалацәажәоит.
Шәазыӡырҩы аудио.