Урыстәыла

Шәача ақалақь аҿы Адлер иахыркәшаны ишьҭоу мҩа абетон ықәырҵоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Шәача ақалақь аҿы Адлер иахыркәшаны ишьҭоу мҩа абетон ықәырҵоит.
Иара амҩаду А-149-и Мзымҭа аӡиаси ирхыкәшоит, 12 шьаҟа ирықәгылоит, урҭ рыргылара хыркәшоуп ҳәа аанацҳауеит "Автодор".
Уи аура — 362 метра, аҭбаара — 7,9 метра иҟоуп, зынӡа 1900 м3 абетон аҭаххоит.
Иааидкыланы, аихашарҭа жәа-ҭыҵырҭак амазаауеит. Урҭ ахырхарҭақәа зегьы рыбжьара инагӡаны аимадара шьақәдыргылоит, насгьы амашьынаныҟәцаҩцәа рзы аҳаирбаӷәазахь, Гәыбаа адәахьы, Адлер агәҭахь еиҳа ирласны анеира алыршахоит.
Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп 2026 шықәса анҵәамҭазы.