АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik. Урыстәыла АҶА иатәу иҷыдоу аҳаирплан агуманитартә цхыраара аҩбатәи ахәҭа Афганисҭанҟа инанагеит.
Адгьылҵысра иахҟьаны хыҵакырҭада иаанхаз ауааԥсыра 20 тонн ақьалақәеи ахызақәеи рырҭеит.
Афганисҭан цәыббра 1 ауха зымчхара 6 баллк иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. 2,2 нызқьҩык реиҳа ҭахеит, 3,6 реиҳа аахақәа роуит.
Афганисҭан аиҳабыра Урыстәыла ацхыраара иаҳәеит адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы. Цәыббрамза 5 рзы Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра 20 тонна афатә нанагеит.