Тҟәарчал араион ақыҭақәа Оқәыми Актәи Ҵарчеи амшцәгьа иахҟьаны лашарада иаанхеит. Ишьҭыҵыз аӡиас афымцашьаҟақәа ыҵнаӡәӡәааит, ацәаҳәақәа ааха рынаҭеит, абри атәы аанацҳаит Аԥсны аенергетика аминистрра. Аҟазауаа аҭыԥан имҩаԥыргаз аусурақәеи, ауаа лашарала ианеиқәыршәахо ртәы ҳзеиҭаиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчал араионтә филиал аиҳабы Ҭемыр Гогәуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.