Аԥсны

Аҟәа аҭагылазаашьа уадаҩны иаанхоит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аҟәа аҭагылазаашьа уадаҩны иаанхоит ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Уи ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит хырԥашьа змам уск ыҟамзар, ақалақь ахь идәықәымлаларц.
Уажәазы, аҳҭнықалақь аҿы амҩадуқәеи аихамҩатә еихысырҭақәеи ӡыла иҭәуп, асветофорақәа аус руӡом, амҩақәа рҿы амашьанықәа еивҵаханы иҟоуп, аӡы иҭахаз амашьынақәа ыҟоуп.
"Амш ишааҳнаҭаз еиԥш, аԥсабаратә ԥхасҭа ахылҿиаақәа раԥыхра ҳалагоит. Аусзуҩцәа азхианы игылоуп. Ҳара иҵегьы атехника адаагалоит, араионқәа рҟынтәигьы иаҳзаауеит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Агрба.