Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадараҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Ақалақь ахада Ҭемыр Агрба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҭыԥқәак рҿы аусура ишалагахьоу, ахыбқәа шдырҽеиуа, амҩадуқәа шыдрыцқьо. Убри аан, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳауагәаҭаҩцәа уаха ақәа леиуеит ҳәа ишазԥхьагәарҭо.
"Уаҵәы анхарҭатә усбарҭақәа зегьы ҳарҭаар бзиан. Сгәанала, иахьа ҳахьыҟаз ақалақь ахадара аџьабаала иҳарҽеир ҳалшоит", — ҳәа иҳәеит Агрба.
Ақалақь ахада идыргалеит аԥхасҭа зауз, зыҩнқәеи зуаҭахқәеи аӡы зыҩналаз ауааԥсыра рсиа, аматериалқәа иҷыдоу акомиссиахь идәықәҵахоит.
Цәыббрамза 10 ашьыжь Аԥсны иахьаҵанакуа ақәаршҩы ӷәӷәа леит, еиҳарак ааха роуит Аҟәа, Аҟәа араион, Гәылрыԥшь араион.