АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Аԥсны 2025 шықәса лаҵареи цәыббреи амзақәа рзы Урыстәыла ауааԥсыра еиҳа иалырхуа аҳәаанырцәтәи аҭыԥқәа 5 рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит.
Ареспубликахь атурқәа зегьы рыҭираҟынтәи 5% артәеит. 2024 шықәсазы уи 4,5% иҟан, АТОР адыррақәа рыла.
Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Мысра, Еиду Арабтәи Аемиратқәа ирышьҭанеиуеит, убри аан Виетнам, Таиланд, Китаи, Мальдивқәа раԥхьа игылоуп. Аизҳаразы ихадоу факторқәаны иҟалеит Аҟәа аҳаирбаӷәаза аартреи уи ахә лаҟәқәеи.
Иааидкыланы Урыстәыла ауааԥсыра рыбжьара аҳәаанырцәтәи атурқәа рҭахра 2024 шықәсазы иҟаз аамҭа иаҿырԥшны 20,5% рыла еизҳаит. Атуроператорцәа ирыдҵаало рхыԥхьаӡара 6,5-7 миллион ыҟоуп.