Амшцәгьа очамчыраа ирынаҭаз аԥхасҭа:ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы ицәажәара

Sputnik
Очамчыра араион иауз ақәаршҩы ааха дук ҟанамҵеит ҳәа аанацҳаит араион ахадара. Иҟоу адыррала еиҳарак ааха зауз аиланхарҭа ҭыԥқәак роуп. Џьгьарда ақыҭан ацҳақәа аӡы иҵнаӡәӡәааит, Ҷлоу Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи ашҟа уназго амҩа ԥхасҭахеит, Ӷәада аӡхыҵра маҷқәа аҭыԥ рыман. Аҭагылазаашьа иаҳа ихьанҭан Акәасқьа, уаҟа аӡиас хыҵны аҽаҩрақәа ааха рнаҭеит. Аԥхасҭа амҽхак зеиԥшроу еиҳа инарҭбааны далацәажәеит Очамчыра араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәбаа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.