Ҭагалан сынтәа Аԥсны ҳгәыҳҽанӡамкәан иаарласны иааит, цәыббра раԥхьатәи амчыбжьқәа рзы еиҳа ихьшәашәарахеит, ақәа леит, "акадифа" аамҭа иазԥшыз атуристцәагьы ргәалаҟазаара бжьнахит.
Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа ҳгәалашәараҿы иааннажьуеит Sputnik еиқәнаршәаз афотосахьақәа.