Ааигәа атәыла аминистрра имҩаԥнагаз аколлегиаҿы иазааҭгылеит аҵарадырразы аҳәынҭқарратә политика ашьақәыргылареи амҩаԥгареи ртема. Ицәыргаз азҵаатәқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟан абжьаратә школқәа рҿы а-7-тәи аклассқәа рҟны аԥсуа бызшәазы аҩыратә ԥышәара алагалара. Ас еиԥш иҟоу аӡбамҭа ҵаҵӷәыс иаиуз, аҭахра ахьынӡаҟоу, насгьы ҷыдала абыжьбатәи акласс залхыз еилаҳкаауеит.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.