30 шықәса раԥхьа, 1995 шықәса, цәыббра 11 рзы иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитикатә усзуҩ, аԥсуаа рзинқәа рзықәԥаҩ Иури Воронов иҭаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дыршьит. Иара раԥхьатәи археологцәа, аҭҵаарадырра адокторцәа дреиуан. Егры нырцәтәи аҵарауаа рацәак бзиа дырбомызт. Избанзар иусумҭақәа рыла иаҿаԥиҽуан ртеориақәа, Аԥсны иҟоу аҭоурыхтә баҟақәа аԥсуаа ишыртәыз шьақәирӷәӷәон - ҳәа азгәарҭоит иколлегацәа аҵарауаа.
Аҭҵаарадырра аус аҟны Воронов илагала ахә ашьара уадаҩуп, убас иполитикатә ԥсҭазаараҿгьы, аҵыхәтәантәи ишықәсқәа иузаҟәымҭҳо ирыдҳәалоуп Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа. Иара Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭаҵәҟьа иалагылаз дреиуан. Аибашьра аԥхьатәи, аибашьра аамҭазтәи, ашьҭахьтәи аамҭақәа раан Воронов Владислав Григори-иԥа Арӡынба иарӷьажәҩан ивагылаз дреиуан.
Аҵарауаҩ ду, аполитик Иури Воронов игәалашәара амш аҽны, иара дихцәажәоит "ахьтәы" ҳәа хьӡыс изауз Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи Апарламент актәи ааԥхьара адепутат, ауаажәларратә усзуҩ, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
Шәазыӡырҩы аудио.