АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. "Иаку Аԥсны" анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Алхас Барзаниеи "Иаку Урыстәыла" Иреиҳаӡоу Ахеилак абиуро алахәыла Андреи Климови аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урҭ еиқәшаҳаҭхеит алхратә неоколониализм – адәныҟатәи амчқәа рыла алхрақәа рыҽрылагалара аҿагыларазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҳәа аанацҳауеит "Иаку Урыстәыла" асаит.
"Алхратә суверенитет ахьчара азҵаара цәырҵуеит зхьыԥшымра иахӡыӡаауа, аҭакԥхықәра злоу аполитикатә мчрақәа зегьы рзы, насгьы уи еиҳарак Аԥсны аганахьала актуалра аҵоуп, избан акәзар адәныҟатәи ахәмарҩцәа уажәы-уажәы Аԥсны ауаажәларра ақәыӷәӷәара рыҭара рҽазыршәоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Климов.
Барзаниа иажәақәа рыла, адокумент апартиабжьаратә еиҿцәажәара иҿыцу аимпульс анаҭоит, уи Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәарахьы икылнагоит.