АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Гагреи Пицундеи ақалақьқәа рҿы апроектқәа "Зысасгәашә аарту Аԥсны", "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" рӡыргара мҩаԥысит.
Еизаз ирзеиҭарҳәеит уи алахәхаразы иҟоу алшарақәа, аҵаратә программа, аԥхьахәгаҩцәа рыгәҭакқәа адгылара рыҭаразы агрантқәа ртәы ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.
Апроектқәа аԥшьыргеит аконкурс "Аԥсны акоманда" афиналистцәа. Урҭ рӡыргарақәа уаанӡа Аҟәеи атәыла егьырҭ араионқәеи рҿы имҩаԥысхьан.
Аконкурс "Зысасгәашә аарту Аԥсны" атуристтә усхк аҿиара иазырхоуп, уи алахәылацәа рпроектқәа рзы миллион мааҭк рҟынӡа агрантқәа роур рылшоит, иара убас льготала акредитқәа рыҭара апрограмма алахәхаразы арзаҳалқәа аларҵар рылшоит.
Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҿы аиааира згаз аусхк аҟны азанааҭ азҟазацәа рҟны аҵара иахысыр рылшоит. Арзаҳалқәа рыдыркылоит цәыббрамза 15 рҟынӡа.