АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Аԥсны афымцатәҳақәа изакәанымкәа рыҽрыԥшьра ахҭысқәа рхыԥхьаӡара еиҵахеит ҳәа ареспублика аштаб аилатәараҿы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Роберт Кьиут.
Иара иажәақәа рыла, уи зыхҟьо имҩаԥырго еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа роуп, амаининг еиқәыршәагақәа атәылахь раагара ахьалымшогьы налаҵаны.
Кьиут ишиҳәаз ала, ашықәс иалагазар, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра 581 обиект ргәаҭара мҩаԥнагеит, 456 цыра акриптовалиута арҳага аппаратқәа ылыргеит. Иреиҳау афермаҿы 153 "машьынка" ықәгылан.
Аминистрцәа реилазаара еиԥмырҟьаӡакәа аиқәыршәагақәа раагареи рхархәареи рзы аԥкрақәа рыдыркылоит. Аҵыхәтәан ирыдыркылаз аԥкрақәа инарықәыршәаны 2026 шықәса анҵәамҭанӡа аҿҳәара инахоуп.