Аԥсны

Аҟәа аделегациа Луганск Ақалақь амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Аҟәа аделегациа Луганск Ақалақь амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит.
Уи иалоуп ахада ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡеи Инал Аҩӡбеи ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Аныҳәа есышықәса цәыббрамза аҩбатәи асабшазы иазгәарҭоит. Иацы асасцәа дахьқәа ашәҭқәа рышьҭаҵара иалахәын, аекскурсиақәа рахь ицеит. Иахьа ақалақьтә округ ахада инапынҵақәа назыгӡо иҿы аныҳәатә дкылареи аспорттә фестиваль алагареи азԥхьагәаҭоуп.
Аҟәеи Лугански аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2024 шықәса цәыббрамза 14 рзы.