Аӡҩыбжьа инхо арҵаҩы, хҩык ахшара ран Сусанна Гәлиаԥҳа еиҭалҳәеит лзанааҭ анаҩс рҭаацәара ду аҿы досу рнапы злаку, рымш шырхырго, хныҟәгагас ирымоу, ақыҭа аҿиашьа шылбо, ахәыҷқәа аҵара злырҵо рхатәы бызшәа ахьынӡардыруа, илҳәеит Аӡҩыбжьа анхара иаҳа еиӷьуԥ ҳәа зылԥхьаӡо ақалақь аҿы аасҭа, иазгәалҭеит ауаа ақыҭа иаҳа иаднаԥхьаларц, ихынҳәарц азы уахь иаҭахны иҟоу.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.