Урыстәыла

Зныкгьы зыбжьы мҵысыз: урыстәылатәи ателехәаԥшра алегенда Татиана Миткова 70 шықәса лхыҵит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Урыстәылатәи ажурналистка, зқьыла аефирқәа мҩаԥызгахьоу, атәыла зегьы ателехәаԥшцәа рыбзиабара иаԥсахахьоу Татиана Миткова 70 шықәса лхыҵит.
Миткова 17 шықәса анылхыҵуаз ателехәаԥшрахьы днеит, арежиссиор ицхырааҩ лҟынтәи СССР Ацентртә телехәаԥшра амҩаԥгаҩ иҟынӡа амҩа данысит. Анаҩс лара НТВ дахаҿхеит.
"Ирласны, ииашаны, гәаартыла" — абарҭ роуп лара лусура апринцип хадақәас илбо. Лколлегацәа иазгәарҭон линновациатә стиль, акадр аҿы лхатә усушьа, абри зегьы ателеефир аҿы џьашьахәыс иҟалеит.
Лара изныкымкәа ишьақәлырӷәӷәахьеит лгәаанагарақәеи лзанааҭи дышрыцәхьамҵуа. 2001 шықәса рзы, аӡәырҩы НТВ аҟынтәи ианца, лара дхынҳәит, иахьа уажәраанӡагьы уа аус луеит. Миткова атәыла аҭоурых аҿы зегь реиҳа иуадаҩыз ахҭысқәа, чечентәи аибашьрақәа ҩбагьы уахь иналаҵаны, ахҳәаа рзыҟалҵон, уи аамҭа "ихьаа бааԥсын" ҳәа азылҳәон. Иахьа лара НТВ Аинформациатә дырраҭарақәа рдирекциа анапхгаҩыс дыҟоуп, еиуеиԥшым аҳамҭақәа ланашьоуп, урҭ рыбжьара иҟоуп ТЭФИ, Аиҩызара аорден, "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы" аорден IV аҩаӡара.
Зегьы раасҭа илџьушьаша лхымҩаԥгашьақәа иреиуоуп 2014 шықәсазы Литва аҳәынҭқарратә ҳамҭа мап ахьацәылкыз. Лара ари аҩыза ашьаҿа ҟалҵеит Литва ахада Грибаускаите "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов уи асиа дахьанылхыз азы. Ари амедал ажурналистцәа рҩыџьагьы иранаршьахьан ​​1994 шықәсазы, 1991 шықәсазтәи Вильниустәи ахҭысқәа рыхҳәаақәа ахьыҟарҵоз азы.
Лара дахьоурысу иаанаго — "атәыла адгылара, ауаа рыдгылара, иахьынӡазалшо ацхыраара рыҭара, зегьы раасҭа ихадоу — аҟьашьырақәа рыҟамҵара" ауп. Лара Иҷыдоу арратә операциа дадгылеит, канадатәи асанкциақәа данрықәшәа, "Ҳара еиҳагьы еиӷьны аус ҳаулоит", — ҳәа лҳәеит.
Лықәра дахәамԥшкәа, Миткова лзанааҭ ааныжьра лгәы иҭаӡам: "Схы здыруеижьҭеи ателехәаԥшраҿы аус зуеит, уаҳа даҽакы сыздырӡом... Уааԥсалар еиҳа еиӷьуп усда-ҳәысда уныҟәалар аасҭа".