Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи арегионқәа рҿы уахыкала украинатәи адронқәа 80 ҭархоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 80 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
30 — Бриансктәи аобласт аҿы,
15 — Ҟрым,
12 — Смоленсктәи аобласт аҿы,
10 — Калуга,
5 — Новгородтәи аобласт аҿы,
3 — Азовтәи амшын инахықәкны,
2 — Ленинградтәи аобласт аҿы,
акака — Орловтәии, Риазантәии, Ростовтәии аобластқәа рҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.