Арадио

Аспортсменцәа рзы есымзатәи аԥарашәарақәа: Аҳәынҭеилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ ицәажәара

Sputnik
Аԥсны аспортсменцәа есымзатәи аԥарашәарақәа роулоит. Раԥхьаӡа акәны жәларбжьаратәи аренаҿы аихьӡара ҳаракқәа аазырԥшуа аспортсменцәа еиԥмырҟьакәа ацхыраара роулартә еиԥш иҟалоит Аԥсны. Апрограмма иалахуп 41-ҩык. Дара рзы арҭ ашәарақәа стимулны иахьынӡаҟало, ралԥшаара шымҩаԥысуаз, насгьы аԥхьаҟа ари асиа арҭбаара азгәаҭоума? Абри атәы далацәажәеит Аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.