Аҟәа ашколқәа аҭоурых арҵаҩцәа алархәны аҳҭнықалақь аҵараусбарҭа аилатәара мҩаԥнагеит. Ирылацәажәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара амш азгәаҭара иазку амаршрутқәа реиҿкаареи уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи аибашьратә хьӡи-ԥшеи рбаҟақәа рҭаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аспециалист хада Нонна Ханагәуа инарҭбааны даҳзалацәажәеит ари атема.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.