АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Вениамин Кондратиев Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор иалхрақәа рҿы аиааира игеит.
Кондратиев — 83,17% бжьы иоуит, ахыԥхьаӡарақәа еилкаахеит 100% аԥкаанҵақәа аус анрыдырула ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит Алхратә комиссиа.
Кондратиев ари амаҵураҭыԥ ныҟәигоит 2015 шықәса раахыс. Уажәтәи агубернатор ицықәгылан Александр Сафронов (КПРФ), Иван Тутушкин (ЛДПР), Денис Хмелевски ("Справедливая Россия — За правду").
Урыстәыла агубернаторцәа ралхрақәа мҩаԥысуан цәыббра 12 инаркны 14 рҟынӡа Урыстәыла арегионқәа 20 рҿы. Иара убас 11 субиект рҟны арегионалтә парламентқәа рдепутатцәа ралхрақәа мҩаԥысит, административтә центрқәа 25 рҿы – ахаҭарнакратә усбарҭақәа рдепутатцәа. Иалхын 20-ҩык агубернаторцәеи 46 нызқьҩык рҟынӡа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рахь адепутатцәеи.