Арадио

Аҟәеи аиҩызаратә қалақьқәеи русеицура: аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара

Sputnik
Аԥсны аделегациа арҭ амшқәа рзы иалахәын Черқьесск ақалақь 200 шықәса ахыҵра, иара убас Луганск ақалақь 230 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. Аҟәеи Черқьесски аешьаратә қалақьқәоуп, иара убас Аҟәеи Лугански аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2024 шықәса цәыббрамза 14 рзы. Уи аахыс аҩқалақь реиҩызареи реимабзиареи рырҿиаразы иҟаҵоу ашьаҿақәеи, ҳделегациа уажәтәи рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргаз аиԥыларақәеи ртәы инарҭбааны далацәажәеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.