АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Астрахан дааныркылеит африкантәи ашпион ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ.
"Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Астрахан ақалақь аҿы ашәҟәы иҭагалоу, инхо Аҩадатәи Африка аҳәынҭқаррақәа руак атәылауаҩ азакәан иаҿагылоз иумҭа аԥнарҟәҟәааит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ишьақәырӷәӷәоуп аҳәаанырцәуаҩи Украина Атәылахьчара аминистрра Аԥшыхәратә усбарҭа хада аусзуҩи амессенџьер Telegram ала рыҽшеимардаз, аимадара шрыбжьоу.
Иҭаз адҵала, ацәгьауҩы Астрахан иҟоу арратә хыбрақәеи акритикатә инфраструктуреи рзы адыррақәа еизигон, анаҩс урҭ Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭара иҭаргыланы аҳәаанырцәтәи аԥшыхәратә усбарҭақәа рхы иадырхәаразы ирзишьҭон.
Иаанкылоу иганахь ала ашьаус аартуп.