Урыстәыла

Хышықәса рышьҭахь раԥхьатәи аҳаирплан Шереметиевонтәи Краснодарҟа иԥрит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Хышықәса рышьҭахь раԥхьатәи ареис Шереметиевонтәи Краснодарҟа иԥрит.
Аԥырра мҩаԥнагоит "Аерофлот" аҳаирплан Airbus A321 ала. Аԥырра аамҭа 3 сааҭи 35 минуҭи.
Краснодартәи аҳаирбаӷәаза аусура хацнаркит цәыббра 11 рзы — ИАА ианалагаз аахыс.