Арадио

Афорум "Добрино" алахәхара алҵшәа: Аԥсны ахаҭарнак лыҿцәажәара

Sputnik
"Амаҵ аурала арҵара" захьӡу апрограмма иалацәажәеит аграждантә уаажәларра арҿиара иазку Урыстәылазегьтәи афорум "Добрино" аҟны. Урыстәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко инапынҵала аплатформа Добро.РФ аексперттә цхыраара анаҭоит уи. Иреиҳау аҵараиурҭақәеи, аколлеџьқәеи, ашколқәеи рҟны апрограмма Аԥсны ҿыц иаԥҵахо аволонтиортә центр ҳәаақәнаҵалоит. Ари атема еиҳа инарҭбааны далацәажәеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩы, “Аԥсны акоманда” афиналистка Саманта Делԥҳа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.