Арадио

Ацхыраара лас амаҵзура маҭәахәыла аиқәыршәара: аҳақьым хада ицәажәара

Sputnik
Ааигәа Урыстәылатәи ареаниматологцәа Аҟәатәи ацхыраара лас амаҵзура ҳамҭас иазаарышьҭит амашьынақәа. Излеиқәыршәои урҭ, иарбан маҭәахәқәоу ирыцу, иабанӡеизнарҳауеи уи амедицинатә цхыраара ахаҭабзиара, насгьы уи амаҵ азызуа амедицинатә усзуҩцәа рыла иабанӡеиқәшәоу Ацхыраара лас астанциа, иҟоума акадрқәа рганахьала ауадаҩрақәа, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ацхыраара лас азы ареспубликатә маҵзура аҳақьым хада Аслан Џьопуа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.