Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи сынтәа 80 шықәса ҵит. Ари ашықәс Жәлар рԥыза ишықәсны ирылаҳәоуп. Ҳтәылаҿы иазгәаҭоуп иакымкәан аусмҩаԥгатәқәа Владислав Ду ихьыӡ акамыршәразы. Убас иаагозар Аԥсны акультура аминистрра уажәы ихацнаруеит ҳхьыԥшымреи ҳиааиреи зыхьыӡ адҳәалоу Владислав Григори -иԥа иԥсҭазаареи, иусуреи зныԥшуа афотоцәыргақәҵақәа рымҩаԥгара Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы. Ишԥеиҿкаахои, раԥхьа иабаатуеи ацәыргақәҵа, ишԥалыԥшаау афотосахьақәа, абраҭқәа арадиоефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.