Арадио

Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхра: Араионтә еизара аиҳабы ицәажәара

Sputnik
Мшаԥымзазы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа рымчра аамҭа абҵара 8 рҟынӡа иацнаҵахьан. Адепутатцәа ргәаанагарала, уи хымԥадатәиин "алхрақәа рыбжьара аамҭа аизырҳаразы", насгьы атуристтә сезон алагамҭа иаԥырхагамхаразы. Аԥҟарақәа ирықәныҟәоуп, алхрақәа ааигәахоит, иабанӡазыҟаҵоу араионқәа ари аус? Насгьы ахаланапгхараҭаратә усбарҭақәа рдепутатцәа рымчра арҭбааразы аиҭакрақәа ҳәа кыр аҭахума? Дара ралхраҿгьы ицәырҵуа азҵаарақәа зеиԥшрои? Абарҭқәа дрылацәажәеит Очамчыра араионтә еизара ахантәаҩы Адгәыр Кәыҵниа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.