Аԥсны

Аиааира амш иазку маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥгахоит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аиааира амш иазку маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥысуеит Аҟәа цәыббра 30 рзы.
Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Леон ипроспект 1 аҿы иҟоу аҟазарҭа Ridebike аҟнтә ашьыжь асааҭ 9:30 рзы идәықәлоит. Рымҩа ахырхарҭа, Владислав Арӡынба имемориал иаҩсны "Памтрек-площадка" аҟынӡа инеины ҩаԥхьа аҟазарҭахь ихынҳәуеит.
"Памтрек-площадка" аҿы амаланыҟәатә спорт азы аҟазара-классқәа мҩаԥгахоит, аԥсшьареи аҽазыҟаҵарақәеи рзы аҭыԥ ҿыц ӡыргахоит.
Ашәарҭадара еиқәдыршәоит амилициа аусзуҩцәа. Изҭаху зегьы рхы аладырхәыр рылшоит.