Адунеизегьтәи ауаажәларратә ассамблеиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва ҩымш имҩаԥысуан ашәҟәыҩҩцәа адунеизегьтәи реиҿкаара аҩбатәи аконгресс. Уи еиднакылеит 60 тәыла инареиҳаны ашәҟәыҩҩцәа. Иарбан темоу иалнакааз аконгресс, ашәҟәыҩҩцәа иахьатәи аамҭа ирзықәнаргыло азҵаарақәа арбанқәоу, абри атәы арадио Sputnik аҿы.