Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҳтоит иахьа. 32 шықәса раԥхьа ихыркәшахеит 413 мши-ҵхи ҳаԥсадгьыл злагылаз аибашьра. Иҟам ҭаацәарак уи иацыз арыцҳара, агәаҟра, агәырҩа знымԥшыз. Атәылахьчара аминистрра архивтә дыррақәа рыла Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 12 нызқьҩык, иҭахеит 5 нызқьҩык инарзынаԥшуа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи, аҭынч уааԥсыреи. Шықәсык инацны ицоз аибашьраҿы аԥсуа жәлар иарӷьажәҩаны ирывагылан Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рхаҭарнакцәа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтә ҳдиаспора еиуаз хатәгәаԥхарала иаҳзааз аибашьцәа. Аӷа Аԥсны иалцаразы иҭахон аҵеира, аибашьра аԥышәа змамыз иаӡрыжәуан аиҿагаларақәа, зны иқәҿиараз аҽазных илыҵшәадахоз ажәыларақәа. Ишԥазнеиуаз аԥсадгьыл ахақәиҭтәра уи ахьчаҩцәа, ажәылара иандәықәлоз иабанӡеиқәшәаз бџьарла-џьаԥҳаныла, иарбан уадаҩрақәоу, ԥынгылақәоу раԥхьа ишьҭаз, аха изиааиз ? Абарҭқәа дрылацәажәеит астудиаҿы Гәымсҭатәи афронт аҩбатәи абригада адҵаҟаҵаҩс иҟаз, Аԥсны Афырхаҵа Гарри Саманба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.