Арадио

Аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум Аҟәа имҩаԥысуеит

Sputnik
Иахьа Аҟәа иаатит аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа а- XII-тәи Жәларбжьаратәи рфорум "Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашәышықәсақәа: аҭоурых, аполитика, акультура" ҳәа захьӡу. Уи мҩаԥысуеит Аиааира Дуӡӡа ашықәс ныҳәеи, Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи, Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵреи инарыдҳәаланы.
Афорум шеиҿкаау, уи иалахәу аҵарауаа, ажәахәқәа зызку, Аԥсуаҭҵаара аинститут Кавказ акультуреи аҭоурыхеи рыҭҵаараҟны алагала, ас еиԥш афорум аҭҵаарадырратә еимадарақәа рырҭбааразы аҵакы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.
Жәларбжьаратәи рфорум "Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашәышықәсақәа: аҭоурых, аполитика, акультура" сынтәа раԥхьаӡа акәны Урыстәыла анҭыҵ имҩаԥысуеит, иҳәеит Ашәба. Афорум Аԥсны аҳҭнықалақь имҩаԥысуеит жьҭаара 1 инаркны 4-нӡа. Уи иалахәуп 200-ҩык инареиҳаны аҵарауаа. Иҟоуп Урыстәыла, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Германиа, Узбеқьисҭан рхаҭарнакцәа.