"Ҳәаа змам аиҩызара" захьӡу а-ХI-тәи ашәаҳәаҩцәа Жәларбжьаратәи рфестиваль мҩаԥгахоит жьҭаара 8 рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Ауснагӡатә еиҿнакаауеит Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр. Сынтәа апрограмма шышьақәгылоу, анагӡаҩцәа ааԥхьара змоу, агала-концерт аҿы иқәгыло ртәы еиҭеиҳәеит Жәлар рырҿиара ареспубликатә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Аицәажәара аудиофаил аҟны хыхь.