АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа уахыкала украинатәи адронқәа 117 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
27 — Бриансктәи аобласт аҿы,
16— Волгоградтәи,
15-15 — Ҟрыми Курски,
11 — Ростовтәи,
10 — Воронежтәи,
8 — Белгородтәи,
6 — Ленинградтәи,
4 — Калугатәи аобластқәа рҿы,
4 — Новгородтәи, Амшын еиқәа аӡымҽхак аҟны,
1 — Смоленсктәи аобласт аҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 169.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 665, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 77 659 ЗРК 625, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 24 598, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 586, абзарбзани аминаршәгеи 28 581, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 39 749.