Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа украинатәи адронқәа 184 карыжьит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳауахьчаратә системақәа асааҭ 23:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи адронқәа 184 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
62 — Курсктәи аобласт аҿы,
31 — Белгородтәи,
30 — Нижегородтәи,
18 — Воронежтәи,
13 — Амшын еиқәа аӡымҽхак аҿы,
6 — Липецктәи аобласт аҿы,
3-3 — Ростовтәии Риазантәии,
2-2— Ҟрым, Бриансктәии Орловтәии аобластқәеи Москватәи арегиони рҿы,
1 — Вологдатәи аобласт аҿы.
Аҳауахьчаратә системақәа рыла иҭархан аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, украинатәи адронқәа 145.
Арратә операциа ҷыда ианалага инаркны иҭархоуп: аҳаирпланқәа 667, авертолиотқәа 283, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа (БпЛА) 88 173, ЗРК 631, атанкқәеи егьырҭ акәылӡмашьынақәеи 25 361, ареактивтә еицҭырҟьаратә машьынақәа 1 593, абзарбзани аминаршәгеи 30 195, иҷыдоу аибашьыга автомобилтә техника 43 231.