Амашәырқәа аӡаҿы: сынтәатәи асезон иацыз ауадаҩра еилаҳкаауеит

Sputnik
Ашықәс иалагазар Аԥсны аӡаҿы 13 машәыр ҟалеит ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа Sputnik апресс-центр аҿы абрифинг аан. Сынтәатәи асезон иацыз ауадаҩрақәеи, аспециалистцәа рзымхара ицәырнагаз апроблемақәеи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәоит арадио Sputnik аефир аҿы.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.