Арадио

Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи акреативтә економиказы аконференциаҿы

Sputnik
Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербург имҩаԥысуаз акреативтә економиказы Жәларбжьаратәи аконференциа иалахәын. Аусмҩаԥгатә еиднакылеит 1500-ҩык инареиҳаны алахәылацәа. Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 50 рҟынӡа бизнес-усмҩаԥгатә еиҿкаан — аишәа гьежьқәа, аиҿцәажәарақәа, аҟаза-иклассқәа, аӡыргарақәа, иаарту адиалогқәа уҳәа убас иҵегьы. Аконференциа аихшьаалақәа арадио Sputnik аефир аҿы аделагациа алахәыла лҟынтә.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.