Урыстәыла

Sputnik Азербаиџьан анапхгаҩы аҩнытә баандаҩрахьы дыиаргеит

Рашәара 30 рзы Бақәа ашәарҭадаратә мчрақәа урыстәылатәи ажурналистцәа – Sputnik Азербаиџьан аредакциа аиҳабы Игор Картавыхи, аредактор хада Евгени Белоусови, иара убас амаҵзура аусзуҩцәа ԥыҭҩыки ааныркылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 10 - Sputnik. Sputnik Азербаиџьан анапхгаҩы аҩнытә баандаҩрахьы дыиаргеит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ближнее зарубежье.
Sputnik Азербаиџьан аредакциа анапхгаҩы Игор Картавых иаанкылашьа рыԥсахит — абахҭаҟынтәи аҩнытә баандаҩрахьы дыиаргеит, иара Бақәа дыҟоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов.
"Sputnik Азербаиџьан анапхгаҩы Игор Картавых аҩнытә баандаҩрахьы дыиагоуп. Уажәы иара Бақәа дыҟоуп", — иҳәеит Киселиов.