Аԥсны

Жьҭаарамза 10-11 руха иауз ақәаршҩы ӷәӷәа Аԥсны аԥхасҭа ҟанамҵеит

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Жьҭаарамза 10-11 руха иауз ақәаршҩы ӷәӷәа Аԥсны аԥхасҭа ҟанамҵеит.
Асааҭ 10:00 рызтәи адыррақәа рыла, амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа ыҟам, абри азы Sputnik адырра арҭеит Аҟәа ақалақь, Гагра, Гәылрыԥшь, Тҟәарчал, Гал араионқәа рхадарақәа, иара убас Очамчыра араион амцацәыхьчара-еиқәырхаратә маҵзура.
Аҟәа араион аҿы аӡхыҵра қыҭақәак рҿы амҩақәа џьара-џьара иаӡәӡәеит, аха усҟак иӷәӷәамкәа. Амашьынақәа арҭ аҭыԥқәа рҿы уадаҩрада ииасуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Уажәазы ​​аҭыԥантәи анапхгарақәа ақыҭақәа рҟынтәи иҟалар зылшо аԥхасҭазы адыррақәа ирзыԥшуп.