Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Москватәи Аҳәынҭқарратә университети рҵарауаа асоциологиатә ҭҵаарақәа реицымҩаԥгара иацырҵоит. Ааигәа ихыркәшаз аҭҵаара рызкын аҿари, ареспубликаҿы иаԥҵоу аҿар рхеилакқәеи аԥшьгарақәеи, дара иааныркыло аҭыԥи, иааидкыланы ҳтәылаҿы аҿартә политика аҭагылазаашьеи. Хәшьарас иарҭозеи аспециалистцәа аҭҵаара иаанарԥшыз асахьа, изеиԥшроузеи алкаақәа, абри иазкуп арадио Sputnik астудиаҿы аиҿцәажәара.
Шәазыӡырҩы аиҿцәажәара.