АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы дааныркылеит Тҟәаԥс инхо ахаҵа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Аусеилыргара излаанацҳауа ала, иара ззин ыҟам атеррористтә еиҿкаара далахәын, урыстәылауаа радԥхьалара иҽазишәон.
Иара акандидатцәа интернетла иԥшаауан. Иаанкылоу илшеит хҩык ауаа аиҿкаара радԥхьалара, урҭ дрыцны атәыла ааныжьны Украинаҟа ацара игәы иҭан.
Ашьаус аартуп. Агәҩара ззыҟоу дырбаандаҩуп.