АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит жьҭаарамза 16 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡыҭгагатә станциа "Синоп" аҟны аремонттә усурақәа ирыхҟьаны асааҭ 21:00 рҟынӡа аӡы ҟалаӡом Синоп аҳаблан, иара убас Вавилов имҩа, Амҩа иаҵәа, Веденски имҩа рҿы.