АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Очамчыра араион аҿы алашара арцәаразы аамҭала аихшанҵа алагалоуп.
Жьҭаара 16 инаркны 31 рҟынӡа, есыҽны, асааҭ 10:00 инаркны 16:00 рҟынӡа астанциа маҷқәа "Мықәи" "Кәачареи" лашарада иҟазаауеит ҳәа адырра ҟанаҵеит Аенергетика аминистрра.
Алашара арцәара зыхҟьо 35 кВ зымчхара ыҟоу афымцамҩангагатә цәаҳәа "Мықә" аҿы арҿыцратә усурақәа роуп.