Аԥсны

Аинар Ҵәыџьба иганахьала ашьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп

Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аинар Ҵәыџьба иганахьала ашьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп. Иара ихарарҵоит 2023 шықәса ԥхынгәымза 28 рзы Наҭиа Бахҭаӡе Гал ақалақь аҿы дишьит ҳәа, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Ԥхынгәымза 31 2025 шықәса рзы мчыла амедицинатә усмҩаԥгатәқәа ирҟаҵаразы азҵаара иахәаԥшны аӡбарҭахь ирышьҭыз аус апрокуратурахь ирхынҳәын, избанзар амедицинатә експертиза Ҵәыџьба имч-илша, ихдырра ыҟоуп ҳәа ишьақәнаргылеит.
Гал инхоз Наҭиа Бахҭаӡе 2023 шықәса ԥхынгәымза анҵәамҭазы дыбжьаӡит. Уи дишьит ҳәа зыгәҩара рымаз 26 шықәса зхыҵуа Аинар Ҵәыџьба даанкылан.